Дмитри Медведев – Украина аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахоит
Дмитри Медведев – Украина аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахоит

«Украина аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахоит», — иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ  Дмитри Медведев.

«Ари аибашьра иҵегьы акыраамҭа инагӡахоит. Алабҿабара ҿыц абасоуп ишыҟоу. Уаҟа абри аҩыза анапхгара ахьынӡаҟало, иаҳҳәап, хышықәса аамҭала аинышәара, ҩышықәса аимак, нас, абарҭ ахҭысқәа еиҭаҟалоит. Киев анацисттә мчра иқәхтәуп», — иҳәеит  Медведев.

Медведев ишиҳәаз ала,  Украина мраҭашәаратә адгылаҩцәа рҟынтә аиадертә бџьар аиур, Урыстәыла апревенциатә аахара аҟаҵара ақәшәоит.

«Аибашьра ахатә закәанқәа амоуп.  Дара аиадертә бџьар роур, апревенциатә аахара аҟаҵара ҳақәшәоит», — иҳәеит Медведев.

Медведев ишиҳәаз ала,  Владимир Зеленски Украина ахадас дахьынӡаҟоу ари атәылаҟны аиҿцәажәарақәа зыҟалом.