Дмитри Медведев — Франциеи Бриатаниа Дуи Украина аиадертә бџьар арҭар, Урыстәыла Лондони Парижи аиадертә бџьарла ираахоит
Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩт Дмитри Медведев иҳәамҭала, Франциеи Бриатаниа Дуи Украина аиадертә бџьар арҭар, Урыстәыла Лондони Парижи аиадертә бџьарла ираахоит.
Иара иажәақәа рыла, иаҭаххар, Урыстәыла, Украина бџьарла еиқәзыршәо атәылақәагьы ираахоит, избанзар, даргьы аимак алахәылацәас иҟалоит.
«Ари аинформациа шьаҭанкыла аҭагылазаашьа аҧсахуеит. Араҟа еибашьуа атәыла аиадертә бџьар аҭароуп ҳазлацәажәо. Урыстәыла Украина бџьарла еиқәзыршәо атәылақәа иахәҭоу аҭак рнаҭоит», — иҳәеит Медведев.
Урыстәыла Адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура адыррақәа рыла, Британиа Дуи Франциеи Украина аиадертә бџьар аҭара ргәы иҭоуп. Дара рҳәамҭала, Лондони Парижи ари афакт маӡас иааныжьны Киев ари абџьар рхала иаҧырҵазшәа рҳәар рҭахуп.
Урыстәыла адәныҟатәи аҧшыхәра аинформациа ишану ала, мраҭашәаратә ҳәынҭқаррақәа ибзианы еилыркаауеит украинатәи арбџьармчқәа рыла Урыстәыла шаҵадмырхо, убри аҟынтә, аиадертә бџьар ахархәара иазҧхьагәазҭо аплан активла аус адырулоит.