Дмитри Медведев – Урыстәыла Европа ирҵаау ахатә активқәа архынҳәуеит «украинатәи адгьыл ала»
Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев иҳәамҭала, Урыстәыла «Европа ирҵаау ахатә активқәа архынҳәуеит адгьыл ала».
«Активқәа рырхынҳәразы мҩа заҵәык ҳамоуп — анатуралтә формала, украинатәи адгьыли уаҟа иҟоу амали рыла иҳархынҳәуеит», — иҩит Медведев Telegram-каналаҿ.
Медведев уажәааны Британиа Ду иаланарҵәаз аинформациа дахцәажәеит. Ари аинформациа инақәыршәаны, Британиа Ду Украина арбџьармчқәа рахь иианагеит ирҵаау урыстәылатәи активқәа рҟынтә ироуз ахашәала – миллион афунт стерлинг.
Урыстәыла ҧасатәи ахада игәаанагарала, «британиатәи аҕьычцәа Урыстәыла аҧара анеонацистцәа ирырҭеит».
«Урыстәылатәи аҧара закәандарала ахатәтәра харҭәаазароуп иацҵаны аҵакырадгьылқәа ма атәыла 404 амал ала. Мамзаргьы, Британиатәи аҳра амал ала. Ари амал еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҿы ирацәоуп, Урыстәылагьы иҟоуп», — иҩит Медведев.