Дмитри Медведев – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Урыстәыла адлара аидеиа уажәгьы ипопулиаруп,  иҵаҵгәырку амзыз ҟалар, ари аидеиа анагӡара аиур ауеит
Дмитри Медведев – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Урыстәыла адлара аидеиа уажәгьы ипопулиаруп,  иҵаҵгәырку амзыз ҟалар, ари аидеиа анагӡара аиур ауеит

Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Урыстәыла адлара аидеиа уажәгьы ипопулиаруп,  иҵаҵгәырку амзыз ҟалар, ари аидеиа анагӡара аиур ауеит, – иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведев.

„Мраҭашәара даҽа ҧышәак аиуроуп.  2008 шықәсазы Қарҭ ахырхарҭала ажәылара аанаҳкылеит, усҟан ашәарҭарақәа раҧыхреи ашәарҭадара аиқәыршәареи ҳалшеит. Аха, уажәы, еиҭах аҭагылазаашьа ацәгьахара иаҿуп. Ишубарҭоу ала, украинатәи афланг инаваргыланы, ҳтәыла аҳәааҿы аибарххара даҽа хыҵхарҭак аҧырҵар рҭахуп. НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара алшара еиҭалацәажәоит“, – иҳәеит Медведев.

Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла  „арусофобиатә процессқәа“ иалагеит.

„Ҳара  2008 шықәсатәи аҭоурых еиҭаҟалар ҳҭахым. Ҳара ари апроблема, ЕАР апҟанҵа инақәырәшаны,  аиҿцәажәарақәа рыла аҭыҧқәҵара ҳазыхиоуп.  Аха, ареалтә шәарҭара ҟалар, ҳара ҳаиҵахом.  Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Урыстәыла адлара аидеиа уажәгьы  ипопулиаруп,  иҵаҵгәырку амзыз ҟалар, ари аидеиа анагӡара аиур ауеит. Абас ҟалар, уи Мраҭашәаразы даҽа аҵахараки анырра ацәыӡреи ауп иаанаго“, – иҳәеит Медведев.