Дмитри Медведев -  НАТО ала Украиназы арратә цхыраара аизырҳара ахҧатәи адунеитә еибашьра ааигәанатәуеит
Дмитри Медведев -  НАТО ала Украиназы арратә цхыраара аизырҳара ахҧатәи адунеитә еибашьра ааигәанатәуеит

НАТО ала Украиназы арратә цхыраара аизырҳара ахҧатәи адунеитә еибашьра ааигәанатәуеит, – иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Дмитри Медведев.

„Зхы аҭыҧ иқәым Мраҭашәара уаҳа акгьы рзымхәыцит. Фактла иуҳәозар, уи амҩаҿахҵәоуп. Ахҧатәи адунеитә еибашьра ҳазааигәахоит. Ҳара ҳзы уи иаанагои. Аоперациа ҷыда нагӡахоит“, – иҩит Медведев  „Телеграмм“ аҿы.

Медведев ишазгәеиҭаз ала, Украина егьа абџьар арҭаргьы, уи Урыстәыла иаҧырхагахом ахатә хықәкқәа рынагӡараҿы.

Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ишиҳәаз ала, Америка Украина акасеттә бџьар арҭар, Урыстәыла Украина иаҿагыланы абри аҩызаҵәҟьа абџьар ахархәара ақәшәоит.