Даниель Хагари – Израиль ахырхарҭала идәықәҵаз ирантәи адронқәеи аракетақәеи  99 наӡына иқәхуп израильтәи аҳаирхьчаратә системақәа рыла
Даниель Хагари – Израиль ахырхарҭала идәықәҵаз ирантәи адронқәеи аракетақәеи  99 наӡына иқәхуп израильтәи аҳаирхьчаратә системақәа рыла

Израиль Атәылахьчаратә мчқәа рхаҭарнак   Даниэль Хагари иҳәамҭала, израильтәи аҳаирхьчаратә системақәа  иаха Израиль ахырхарҭала идәықәҵаз 300 цыра адронқәеи аракетақәеи рҟынтә  99% иқәырхит.

«Уи акрызҵазкәа астратегиатә қәҿиароуп», — иҳәеит  Хагари.

Иара иажәақәа рыла, Израиль ахырхарҭала идәықәҵаз  170 ирантәи адронқәа рҟынтә акызаҵәыкгьы Израиль аҳаиртә қәыҧшылара изаламлеит,  адронқәа  зегьы иқәхын Израиль аҳаиртә қәыҧшылара анҭыҵ.

Израильтәи ар ахаҭарнак ишазгәеиҭаз ала,  Иран Израиль ахырхарҭала идәықәнаҵаз  30 амҵәыжәҩатә ракетақәа рҟынтәгьы ракетакгьы Израиль аҳаиртә қәыҧшыларанӡа изымнеит,  израильтәи аруаа 25 ракетақәа карыжьит. Израиль ахырхарҭала идәықәҵаз  120 абаллистикатә ракетақәа реиҳарагьы иқәхын,  аха,  ракетақәак израильтәи авиабаза Неватим иаахеит.

Хагари иажәақәа рыла,  абаза аусура нанагӡоит.