Bloomberg - Рашәара 17 рзы Еврокомиссиа  абжьагара ҟанаҵоит Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазкны
Bloomberg - Рашәара 17 рзы Еврокомиссиа  абжьагара ҟанаҵоит Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазкны

Bloomberg адыррала, рашәара 17 рзы Еврокомиссиа  абжьагара ҟанаҵоит Украина Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазкны. 

Абжьагараҿы аҳәара иқәдыргылоит Украина аҵакырадгьыл аҿы азакәан аиҳаӡара ахьчареи акоррупциа аҿагылареи азы. Ари абжьагара цәырыргоит рашәара  23-24 рзы имҩаҧысуа Евроеидгыла асаммит аҿы. Украина астатус аиурц азыҳәан, уи иақәшаҳаҭхароуп асаммит алахәылацәа зегьы, аха, ари аганахьала ауадаҩрақәа ҟалар ауеит, избанзар,  тәылақәак ари аӡбара иақәшаҳаҭым. 

Лымкаала, Даниеи Нидерланди ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, Украина Евроеидгыла алаларазы макьана ихиам.