«Би-би-си» — Владимир Путин иҳәамҭала, Мариуполь ажәылара иаҟәыҵуеит аукраин аруаа абџьар анышьҭарҵалак ашьҭахь
«Би-би-си» — Владимир Путин иҳәамҭала, Мариуполь ажәылара иаҟәыҵуеит аукраин аруаа абџьар анышьҭарҵалак ашьҭахь

«Мариуполь ажәылара иаҟәыҵуеит аукраин аруаа абџьар анышьҭарҵалак ашьҭахь», — иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.

BBC ишаанацҳаз ала, ари атәы иануп Владимир Путини Франциа ахада Емманел Макрони ҭелла реиҿцәажәара иазкны Кремль иҟарҵаз  аҳәамҭаҿы.

«Иуадаҩӡоу агуманитартә ҭагылазаашьа аҭыҧқәҵаразы украинатәи анационалисттә аруаа аҿагылара иаҟәыҵны абџьар шьҭарҵароуп», — ирҳәеит Кремль аҿы.

АИХ адыррақәа рыла, Франциа аофициалтә хаҿқәа аарыцҳаит Владимир Путин ақаалақь аҟынтә аҭынчуаа ралгара аплан алацәажәара дшақәшаҳаҭхаз.

«Франциеи, Ҭырқәтәылеи, Германтәылеи Урыстәыла иадаргалеит Мариуполь аҟынтә ауааҧсыра ралгара. Путин Макрон ишиеиҳәаз ала, ари азҵаара дазхәыцуеит», — иануп  BBC адырраҿы.