Баҭым акорпус аилаҳара зыхҟьаз аверсиақәа руакы   - арҽеиратә усурақәа ран ашьаҟатә ҭӡамц аҧхасҭатәра ауп
Баҭым акорпус аилаҳара зыхҟьаз аверсиақәа руакы   - арҽеиратә усурақәа ран ашьаҟатә ҭӡамц аҧхасҭатәра ауп

 

«Баҭым акорпус аилаҳара зыхҟьаз аверсиақәа руакы   – арҽеиратә усурақәа ран ашьаҟатә ҭӡамц аҧхасҭатәра ауп», — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, акорпус аилаҳара зыхҟьаз амзызқәа реилкааразы аусеилыргара иалагеит.

«Заанаҵтәи аинформациа ала, иакымкәа аверсиақәа иҟан, агаз ацәцара авариантгьы. Иҳамоу аинформациа ала, акорпус аҿы инхо  руаӡәы ҵаҟа арҽеиратә усурақәа мҩаҧигон.  Аусурақәа раан ашьаҟатә ҭӡамц аҧхасҭа аиузар ҟалап. Уигьы акорпус аилаҳара мзызны иҟалар ауан. Заанаҵы акгьы сызшәаҳәом.  Аусеилыргара ҳалагахьеит. Изхароу ауаа зегьы  ахьырхәра ҕәҕәа роуеит. Макьана аӡәгьы даанкылам», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.