Азинхьчаҩцәа, аполициатә уснагӡатә мҩаҧганы, Баҭым анаркотикатә хархәагақәа рацәаны иаадырҧшит
Азинхьчаҩцәа, аполициатә уснагӡатә мҩаҧганы, Баҭым анаркотикатә хархәагақәа рацәаны иаадырҧшит

 

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа имҩаҧыргаз даҽа операциак  абзоурала, иаха Баҭым,  анаркотикатә хархәагақәа рацәаны аадырҧшит –  3 кьылак  „кокаини“, 13 000 раҟара „екстаз“ атаблеткақәеи, насгьы, ҷыдала ирацәаны иаадырҧшит анаркотикатә хархәага  „героин“, –  аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Дарахвелиӡе иҳәамҭала, иаанкылоу ахаҿқәа зыӡбахәы хәоу анаркотикатә хархәагақәа баҭымтәи ҵхыбжьонтәи аклубқәа рҿы ирҭиир акәын, уи ауаа, ҷыдала аҿар ргәабзиареи рыҧсҭазаареи зыриашара ҟамло ҧырхага азаанагар алшон.

Абрифинг аҿы Дарахвелиӡе ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иаанкылоуп Беларус ҩыџьа атәылауаа. Азинхьчаҩцәа арҭ анаркотикқәа рбеит иаанкылоу ахаҿқәа кьырала ирымаз анхарҭаҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы 20 шықәса ма аҧсранӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.