Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа  - Қырҭтәыла Актәи аканал  алхратә процесс неитралла аанарҧшуан
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа  - Қырҭтәыла Актәи аканал  алхратә процесс неитралла аанарҧшуан

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа ахаҭарнакцәа ргәаанагарала,  Қырҭтәыла Актәи аканал  алхратә процесс неитралла аанарҧшуан.

Ари атәы ааицҳаит амиссиа анапхгаҩы Альберт Џьонсон.

Иара иажәақәа рыла,  Ауаажәларратә дырраҭара, егьырҭ аканалқәа раасҭа акандидатцәа иаҳа ирацәаны аамҭа рзоунашьҭит.

«Амедиатә лагылазаараҿы аполиаризациа дуун. Амиссиала имҩаҧгаз амедиа мониторинг алҵшәақәа инырқәыршәаны,  амедиахархәагақәа, аконкреттә  политикатә мчык аҧыжәра арҭон, убри аҟынтә алхыҩцәа альтернатива абара рцәыуадаҩын.  Адырраҭаратә каналқәа зегьы алхрақәа ирылацәажәон, аха, бжеиҳарала, х-партиак аҧыжәара рырҭон  — «Ақырҭуа гәахәтәи», «Амилаҭтә ҵысреи» ,  «Қырҭтәыла адгыларази».   Ауаажәларратә дырраҭара иаҳа ирацәаны аполитикатә мчқәа аамҭа рзоунашьҭит, акандидатцәа зегьы неитралла аадырҧшуан», — иҳәеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара анаҧшратә миссиа анапхгаҩы Альберт Џьонсон.