Аурысцәа Украина атәылаҽацәқәак абомбақәа рыларыжьит
Аурысцәа Украина атәылаҽацәқәак абомбақәа рыларыжьит

Аурысцәа Украина атәылаҽацәқәак абомбақәа рыларыжьит. Аҭыԥнтәи аиҳабырақәа рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз ала, рашәара 25 рзы,шьыжьымҭан, аурысцәа Житомиртәи Львовтәәи, Черниговотәи, Днепропетровсктәи аокругқәа абомбақәа рыларыжьит.

Львовтәи аокруг аҿы аракета Иаворовшьинетәи арратә аобиект ақәҳаит. Ари араион аҿы арратә полигон иҟоуп. Аҭыԥантәи администрациа аиҳабы Максим Козицки ишааицҳаз, украинаа ҩракетак ркажьра рылшеит.

Черниговотәи аокруг аҿы ашьыжь шаанӡа, асааҭ 05:00 рзы атҟәацра бжьы гон. Аракетақәа ишьҭын аиланхарҭа Десна ахырхарҭала. Арегион анапхгаҩы Виачеслав Чаус иажәақәа рыла, аиланхарҭа ахырхарҭала ишьҭын 20 ракетак. Урҭ реиҳара Беларус аҵакырадгьыл аҟынтә ишьҭын.

Житомиртәи атәылаҽацә ахырхарҭала Беларус аҟынтә ишьҭын 24 ракетақәа. Днепропетровсктәи аокруг иаҵанакуа Кривои Рогтәи аиланхарҭаҿ аракетатә ааха амзызла дҭахеит 30 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс.