Аурыс арбџьармчқәа рыла украинатәи ақалақь Умань аракетақәа алажьра амшала иҭахеит 14ҩык иреиҵамкәа
Аурыс арбџьармчқәа рыла украинатәи ақалақь Умань аракетақәа алажьра амшала иҭахеит 14ҩык иреиҵамкәа

 

«Аурыс арбџьармчқәа рыла украинатәи ақалақь Умань аракетақәа алажьра амшала иҭахеит 14ҩык иреиҵамкәа, урҭ рыгәҭа хышықәса зыхҵуаз ахәыҷгьы», — иҳәеит Украина арбџьармчқәа рнапхгаҩы  Валери Залужни.

АИХқәа рдыррақәа рыла, аракетатә аахара аан украинатәи ақалақь Уман жәабала анхарҭаҩнқәа аҧхасҭа ду роуит, руакы зынӡаскгьы ибгеит. Аҭыҧаҿы аҧшаара-аиқәырхаратә операциа инагӡоит.