Ауаажәларратә дырраҭара Анапырхахаратә бызшәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара иалахәхәоит еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла
Ауаажәларратә дырраҭара Анапырхахаратә бызшәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара иалахәхәоит еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла

Ауаажәларратә дырраҭара Анапырхахаратә бызшәа жәларбжьаратәи амш азгәаҭара иалахәхәоит еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рыла. Убри аҽны, Актәи аканал аплатформақәа рыхҧагьы рҿы  (ТВ, арадио, онлайн) иоурыжьҭуеит зыӡбахәы ҳәоу амш иазку актуалтә информациа.

«Зылшарақәа ҧку ауааҧсыра рпроблема Ауаажәларратә дырраҭаразы аҵакы ду амоуп. Ҳплатформақәа зегьы абарҭ апроблемақәа аадырҧшуеит, ажәлар аинформациа наӡа рырҭоит, зылшарақәа ҧку ауааҧсыра ауаажәларрахь ринтеграциа иацхраауеит. Ҳара еиуеиҧшым аиҿкаарақәа аус рыцаауеит, имаҷымкәа апроектқәа еицынаҳагӡоит. Ҳахьынхо алагылазаара ауааҧсыра зегьы ирзыманшәалазар ҳҭахуп, избанзар Актәи аканал  — зегьы ирызкуп», — илҳәеит Актәи аканал агенералтә директор Ҭинатин Берӡенишвили.

Сынтәа,  Қырҭтәыла раҧхьаӡа акәны, Актәи аканал ахәаҧшцәа Апараолимпиатә хәмаррақәа рыхәаҧшра алшара рыман, уаҟа ақырҭуа апараолимпицәагьы еицлабуан.  Уи апараспорт аҿиара аҭоурых аҿы зеиҧшҟамлац шьаҿоуп.

Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы аинформациатә дырраҭарақәа ицоит асурдоаиҭагара ала.

Ҷыдала иаҧҵоу ақырҭуа анапхахаратә бызшәа аҵаратә курс жәбар шәылшоит Актәи аканал-телешкол аҿы.