Авакцинациазы заанаҵы ашәҟәы аҽҭаҩразы апортал аусура иалагеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы еиҿкаауп авакцинациазы заанаҵы ашәҟәы аҽҭаҩра иазку апортал, уи хықәкыс иамоуп авакцина ҟазҵар зҭаху ауаа рхыҧхьаӡара аилкаара.

Аминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, асаит ацхыраарала, атәылауаа, дара ирҭаху авакцина алхны, заанаҵы арегистрациа иахысыр рылшоит. Убри азыҳәан арегистрациатә форма хадырҭәаароуп.

«Атәылауаа, авакцинақәа реиқәыҧхьаӡа аҟынтә дара еиҕьаршьо  3 вакцинак иреиҳамкәа алырхыр рылшоит.  Убри ашьҭахь хаҭалатәи аинформациа хадырҭәаароуп», — иануп Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациаҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, арегистрациа иахысыр  рылшоит  18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.

Авакцинациазы заанаҵтәи арегистрациа апортал аҭыӡҭыҧ: https://www.moh.gov.ge/covid-chart/register/welcome