Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҧхынгәы 8 рзы имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҧхынгәы 8 рзы имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ҧхынгәы 8 рзы имҩаҧысраны иҟоу «Ҭбилиси Праид»  ауснагӡатәқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, ашәқәа ркны имҩаҧгаз 2 уснагӡатәк ҭынч имҩаҧысит. Ҧхынгәы  8 рзы имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәагьы аимак рхылымҵырц азыҳәан, аминистрра ахаҭарнакцәа арҭ ауснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра арҭ ауснагӡатәқәа ҭынч рымҩаҧгареи, иара убас, азакәан аҳәаақәа ирҭымҵуа ауааҧсыра зегьы рзинқәа рыхьчареи азы  иаҭаху аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәдыршәоит.

Иара убас, АИХқәа рҿы алараҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, гәыҧҩык ауааҧсыра абарҭ ауснагӡатәқәа мҩаҧысраны иахьыҟоу аҭыҧашҟа инеины, аконтракциа амҩаҧгара ргәы иҭоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апротесттә акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь ааҧхьара ҟанаҵоит азакәан иақәныҟәаларц, аполициа аусзуҩцәа рыҳәарақәа нарыгӡарц, азакәан ала ззин иҟоу аизареи адемонстрациеи амҩаҧгара иаҧырхагамхарц, мамзар, аполициа аусзуҩцәа, рхатә мандат иашьашәаланы рхы мҩаҧыргоит», — иануп аҳәамҭаҿы.