Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Ҧуҭтәи абаҕәазаҿ  80 кьыла  «агероин» аадырҧшит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Ҧуҭтәи абаҕәазаҿ  80 кьыла  «агероин» аадырҧшит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Ҧуҭти абаҕәазаҿ  80 кьыла  «агероин» аадырҧшит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Апрокуратура хадеи, Афинансқәа рминистрреи  ахаҭарнакцәа еицымҩаҧыргаз аоператив-аҧшааратә уснагӡатәқәа ирылҵшәаны, Иран атәылауаҩ Б.Т. даанкылоуп.  Иара закәандарала Қырҭтәылаҟа анаркотикқәа рацәаны аагареи, иара убас, аахәареи Қырҭтәыла аҵәахреи ихарарҵоит.

«Аусеилыргара адыррала, Иран атәылауаҩ Иранынтә,  Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ирылганы, Европаҟа анаркотикқәа рацәа рымҩангара иҭахын. Иара абри ацәгьаура ҟаиҵар иҭахын Қырҭтәыла абаҕәазак ахархәарала, аха, уааҵәҟьа даанкылан», — ирҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  20 шықәса ма аҧсранӡа аҭакра.