Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа 926 кьыла анаркотикқәа иқәырхит, аџьармыкьа еиқәаҿы урҭ рыхә 19 миллион лари еиҳауп
«Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала еиҿкааз еснагьтәи акомиссиа алахәылацәа, еиуеиҧшым аамҭазы атәыла зехьынџьара аоперативтә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгараан иаарҧшыз, зеиҧшҟамлац ала ирацәаны — 926 кьыла еиуеиҧшым анаркотикқәа зтемпература ҳараку аҧечкаҿ иқәырхит. Аџьармыкьа еиқәаҿы урҭ рыхә 19 миллион лари еиҳауп. Зыӡбахәы ҳәоу анаркотикқәа иреиуп: кокаин, героин, метадон, МДМА, альфа-PVP, кетамин, клефедрон, бупренорфин, трамадол, кодеин, диазепам, марихуана, иара убас, еиуеиҧшым апсихотроптә маҭәашьарқәеи.
«Амч змоу азакәан инақәыршәаны, анаркотикқәа рықәхра апроцесс мҩаҧган ҳаамҭазтәи аекологиатә стандартқәа ирышьашәаланы. Аҭыҧаҿ иҟан еснагьтәи акомиссиа алахәылацәа — Аҩныҵҟатәиа усқәа рминистрра аусзуҩцәеи, Апрокуратура хадеи Агәабзиарахьчара аминистрреи рхаҭарнакцәеи.
Иаарҧшу анаркотикатә хархәагақәа абжьааҧны ишьҭоуп жәларбжьартәи астандартқәа ирышьашәалоу, ҷыдала еибыҭоу ашьҭаҵарҭаҿы. Анаркотикқәа иқәырхуеит ашьауҕатә усқәа рзы аӡбара ақәҵара амч анаиулак ашьҭахь», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

