Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа хәажәкыразы 97ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа хәажәкыразы 97ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит», – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
Аминистрра адыррақәа рыла, атәымтәылауаа рыхәҭак рхатә гәаҧхарала атәыла иалҵит, егьырҭ мчыла адепортациа рызун. Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.
Қырҭтәылантә адепортациа рызун абарҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа: Индиа, Беларусь, Китаи, Таџьикистан, Азербаиџьан, Урыстәыла, Бангладеш, Америка, Ирак, Иран, Нигерии, Туркменистан, Ҭырқәтәыла, Египет, Пакистан, Камерун, Иорданиа, Кыргызстан – зынӡа 97ҩык.