Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Гуриа аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ ахҧатәи аҧсыбаҩ рбеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Гуриа аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ ахҧатәи аҧсыбаҩ рбеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиқәырхаҩцәа Гуриа, аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ ахҧатәи аҧсыбаҩ рбеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусбарҭа адыррала,  50ҩык раҟара атәылауаа ишәарҭам аҭыҧашҟа ииагоуп.

«Х-ҩык рыҧсыбаҩқәа рбеит.  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура анапахгаҩы Ҭемур  Мҕебришвили арыцҳара аҭыҧаҿ дыҟоуп, иара аштаб ҷыда анапхгара азиуеит.  Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧашҟа инагоуп  иашьашәалоу атехникеи, гәыҧҩык акинологцәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу ахәҭақәеи. Аҧсабаратә рыцҳара аҭыҧаҿ ацклаҧшра амҩаҧгаразы рхы иадырхәоит ҷыдалатәи адронқәеи», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.