Аҩны шкәакәа  - Украина иазоушьҭу аҧара нҵәоит ашықәс анҵәамҭанӡа
Аҩны шкәакәа  - Украина иазоушьҭу аҧара нҵәоит ашықәс анҵәамҭанӡа

«Америка ала Украина иазоушьҭу аҧара нҵәоит ашықәс анҵәамҭазы», —  ари атәы иануп аҭыжьымҭа  Financial Times аҿы. Аҭыжьымҭа ари аинформациа аланарҵәеит Аҩны шкәакәа административ-абиуџьеттә офис адиректор Шаланда Ианг Конгресс алидерцәа ирыздәықәылҵаз ашәҟәы шьаҭас иҟаҵаны.

Ашәҟәы ишану ала, Конгресс акгьы ҟанамҵар, Украиназы абџьари атенхикеи рацәа раахәара иазку аҧара нҵәоит ашықәс анҵәамҭанӡа.

Иара убас, ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала,  Конгресс алахәылацәа  Украиназы ацхыраара ҿыц шьақәдмырҕәҕәар, «Киев ари аибашьраҽы ашьымхнышгылара ақәшәоит» «Урыстәыла аиааирагаразы иаҳа алшара аиуеит».

«Аҧара ҳцәынҵәеит, аамҭагьы ҳамам. Украина аекономика каҳар, дара аибашьра анагӡара рылшом, уаҳа акгьы. Путин уи ибзианы еиликаауеит, убри азоуп Урыстәыла украинатәи аекономика арбгара абас изазҿлымҳау, уи убарҭоуп украинатә арыц аекспорти аенергетикатә инфраструктуреи рзы имҩаҧырго ажәыларақәа рылагьы», — иануп аҳәамҭаҿы.

Уаанӡа, Америкатә Конгресс Ахаҭарнакратә палата аспикер Маикл Џьонсон иҳәеит иара агәраганы дшыҟоу ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рҟнынӡа Конгресс Израили Украинеи иацҵаны ацхыраара рзоушьҭра шалшо.  Цәыббразы Аҩны шкәакәа Конгресс иадҵаалт Украинеи, Израили, Таивани, аҳәаақәа ршәарҭадареи азы  иацҵаны афинансыркра иақәшаҳаҭхарц, араҟа 106 миллиард адоллар иаҟароу апакет иалацәажәон, аха, Ахаҭарнакратә палатаҿ ареспубликанцәа мап ахьыркыз амшала, ари аинициатива аанкылан.