Аҩны шкәакәа Украина 250 миллион адоллар арратә цхыраара апакет шьақәнарҕәҕәеит  
Аҩны шкәакәа Украина 250 миллион адоллар арратә цхыраара апакет шьақәнарҕәҕәеит  

 

ВВС адыррала, Аҩны шкәакәа Украина 250 миллион адоллар арратә цхыраара апакет шьақәнарҕәҕәеит.

Апакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп аҳаирхьчаратә системақәа рзы  аџьаҧҳани, артиллериатә бџьари, иара убас, атанкҭархагатә хархәагақәеи.  Аха,  Конгресс алахәылацәа Америка ахада Џьо Баиден жьҭаара  20 рзы Конгресс иалигалаз арратә цхыраара апакет шьақәыдмырҕәҕәар, зыӡбахәы ҳәоу 250 миллион адоллар Украиназы аҵыхәтәантәи арратә цхыраарахоит.