Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Украина аханы аԥырра ҟалом ҳәа рылаҳәара ҳгы иҭам
Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Украина аханы аԥырра ҟалом ҳәа рылаҳәара ҳгы иҭам

Аҩны шкәакәа аҟынтә ишаарыцҳаз, Украина аханы аԥырра ҟалом ҳәа рылаҳәара ҳгы иҭам. Ари атәы аалыцҳаит Аҩны шкәакәа апресспикер Џьен Ԥсаки. Ԥсаки лажәақәа рыла, ари ашьаҿа ала ЕАШ-и Урыстәылеи рыбжьара арратә аиҿагылара ахылҵыр ҟалоит.

“Даҽазнык шәасҳәар сҭахуп, ахада ари ашьаҿа аҟаҵара зиҭахымыз. Аԥырра ахьыҟамло зонас ари аҳауатә ҵакыра рылаҳҳәар, америкатә аҳаирпланқәа урыстәылатәи анырҵәагақәа ҟарыжьроуп, ари Урыстәылаҟны апотенциатә аибашьра ауп иаанаго. Абри аӡәгьы иҭахым,” – илҳәеит Џьен Ԥсаки.