Атәыла ахада апарламент адалгалеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи акомиссиа алахәылеи  рҭыҧқәа рзы акандидатурақәа, даҽа алахәылак иҭыҧ азы аконкурс рылаҳәоуп  
Атәыла ахада апарламент адалгалеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи акомиссиа алахәылеи  рҭыҧқәа рзы акандидатурақәа, даҽа алахәылак иҭыҧ азы аконкурс рылаҳәоуп  

 

Атәыла ахада апарламент адалгалеит Алхратә комиссиа хада  ахантәаҩи акомиссиа алахәылеи  рҭыҧқәа рзы ҧшьҩык акандидатцәа, даҽа алахәылак иҭыҧ азы аконкурс рылаҳәоуп.

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы иҭыҧ азы апарламент адалгалеит  Гьаргь Шаишмелашвилии Нанули Бебиеи ркандидатурақәа. Акомиссиа алахәылак иҭыҧ азы  – Русудан Қурдиании Ҭамаз Ҧоладашвилии ркандидатурақәа.

Ҧхынҷкәын 22 рзы апарламент,  Қырҭтәыла ахада иқәлыргылаз акандидатцәа рҟынтә аӡәгьы идымгылеит. Апарламент арегламент инақәыршәаны, атәыла ахада, анеҩстәи хымш ирхымгакәа, апарламент адалгалароуп акандидатура ҿыцқәа.