Ашықәс алагамҭа инаркны Амилаҭтә банк ахатә валиутатә резервқәа азнарҳаит 613,5 млн адоллар рыла
Ашықәс алагамҭа инаркны Амилаҭтә банк ахатә валиутатә резервқәа азнарҳаит 613,5 млн адоллар рыла.
«Авалиутатә џьармыкьаҿы аҭагылазаашьа инақәыршәаны, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахатә жәларбжьаратәи резервқәа рхарҭәаара нанагӡоит», — иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациаҿы.
«Жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара ахьчара иацхраауеит. Убри аҟынтә, Амилаҭтә банк, еснагь арҭ арезервқәа рхарҭәаара иазҿлымҳауп», — иануп Амилаҭтә банк аинформациаҿы.
Адыррақәа инрықәыршәаны, 2025 шықәсазы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк абри аҩыза авалиутатә интервенциақәа мҩаҧнагеит:
- ажьырныҳәа-жәабран — Bmatch ала аахәарақәа мҩаҧгамызт;
- хәажәкыра — Bmatch ала иаархәеит 101,7 млн адоллар;
- мшаҧы — Bmatch ала иаархәеит 266,4 млн адоллар;
- лаҵара — Bmatch ала иаархәеит 245,4 млн адоллар.
Амилаҭтә банк аҿы ишырҳәаз ала, авалиутатә џьармыкьаҿ имҩаҧгоу аоперациақәа ирызку аинформациа ҿыц цәырыргоит 2025 шықәса ҧхынгәы 25 рзы.