Апрокурор – Ахьчаратә аган акыршықәса рыҩныҵҟа ари ашьауҕатә ус аҵакы аларҟәра рҽазыркуан, аха, аӡбарҭа ишьақәнаргылеит Саакашвили аҳәынҭқарратә аҧара хықәкыда ишнихыз
«Ахара зду Михаил Саакашвили акоррупциатә ацәгьауразы иус ӡбоуп, Саакашвили акоррупциатә ацәгьаура ҟаиҵеит, ихатә ҭахрақәа рзы аҳәынҭқарратә аҧара ихы иаирхәит», — иҳәеит апрокурор Гьаргь Муџьири.
Апрокурор иҳәамҭала, ахьчаратә аган акыршықәса рыҩныҵҟа ари ашьауҕатә ус аҵакы аларҟәра рҽазыркуан, аха, аӡбарҭа ишьақәнаргылеит Саакашвили аҳәынҭқарратә аҧара хықәкыда ишнихыз.
«Ари аҧара, жә-миллион лари, Михаил Саакашвилии иуацәеи рхатә ҭахрақәа рынагӡаразы иныхын. Зыӡбахәы ҳәоу жә-миллионк ирылоуп Софо Нижараӡе лзы аҳамҭақәеи аныҟәарақәеи рхарџьқәеи, Ҭина Бокучава лзы амобилтә аҭел, аҳәаанырцәтәи акурортқәа уҳәа, еиуеиҧшым иҭахрақәа рынагӡаразы иныхыз аҧара», — иҳәеит апрокурор.