Апрокурор – Аусеилыргара ишьақәнаргылеит, закәандаарала аҳәаа ахысраҿы  Михаил Саакашвили дицхраауан ҧасатәи анапхгаратәи амчтә структураҿы амаҵзура ду змаз аӡәы.
Апрокурор – Аусеилыргара ишьақәнаргылеит, закәандаарала аҳәаа ахысраҿы  Михаил Саакашвили дицхраауан ҧасатәи анапхгаратәи амчтә структураҿы амаҵзура ду змаз аӡәы.

Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, Украина аҳәынқарратә аҳәаа  закәандаарала  ахысраҿы  Михаил Саакашвили дицхраауан ҧасатәи анапхгара рхаан амчтә структураҿы амаҵзураҭыҧ ду аанызкылоз ақырҭуа маҵзуҩы. Ари атәы ажурналистцәа ирзааицҳаит апрокурор Леван Веҧхваӡе.

«Иахьатәи аӡбаратә процесс аҿы ахарадҵаратә ган ашаҳаҭгақәа цәырыргоит. Михаил Саакашвили аофициалтә аҳәаа дахымсит. Украина аҵакырадгьыл аҿы ари аус аҿы ицхраауаз ахаҿқәа аарҧшуп. Урҭ дреиуп  ҧасатәи анапхгара рхаан амчтә структураҿы амаҵзураҭыҧ ду аанызкылоз ақырҭуа маҵзуҩы, иара Михаил Саакашвили закәандарала аҳәаа ахысраҿы дицхрааит», — иҳәеит Веҧхваӡе.