Апрокуратура ТВС Банк ақәларазы иаанкылоу ауаҩы ахара иднаҵеит
Апрокуратура ТВС Банк ақәларазы иаанкылоу ауаҩы ахара иднаҵеит

Апрокуратура ТВС Банк ақәларазы иаанкылоу ауаҩы ахара иднаҵеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апрокуратура.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнагаз аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, ажьырныҳәа 3 рзы, Қарҭ иҟоу ТВС Банк афилиал аҿы, уаҩҧсык, атапанча еиҧшыз маҭәарк ала абанк аусзуҩцәа дрықәмақаруа, аҧара даҳәон, аха, абанк аусуҩ асигнализациа аҿакра дахьӡан, ақәлаҩ аҧара изымгакәа дыбналеит», — иануп апрокуратура аинформациаҿы.