Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ацентртә Азиеи Кавкази рҿы Philip Morris International адиректор диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ацентртә Азиеи Кавкази рҿы Philip Morris International адиректор Марко Мариотти диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациа адыррақәа рыла, аиҧылараҿы Қырҭтәыла еиқәыршәоу, иманшәалоу аинвестициатә лагылазаареи аинвестициақәеи атехнологиақәеи аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаара апотенциали иалацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит 2025 шықәсазы аекономикатә азҳара абжьаратә арбага 7,5% ишаҟараз.
Иара убас, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, зызҧхьагәаҭара ҟало алагылазаареи абизнес аҿиаразы ирымоу аҵакы ҷыда. Убри адагьы, хшыҩзышьҭра рызун атәылаҿы ашәахтә лаҟәқәеи атехнологиақәеи аинновациақәеи рҿиара ацхрааразы атәыла аиҳабыра инарыгӡо аинициативақәеи.
Давос имҩаҧысуа Адунеитә еиҳабырақәа рсаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит аекономикеи иҭышәынәталоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.