Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала,  аиҳабыра радминистрациаҿы,   Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Аекономикатә хеилак алахәылацәа абылтәы ахә армаҷра аганахьала  аҭагылазаашьа иазку аинформациа иазыӡырҩит. Аинформациа риҭеит Аконкуренциазы амилаҭтә агентра анапхгаҩы Иракли Леквинаӡе.

Ишазгәаҭаз ала, жәабран азы абылтәы ахә маҷхеит  30-40 ҭеҭри рыла. Ахеилак алахәылацәа афатәаалыҵ ахәқәа рырмаҷрагьы иалацәажәеит. Иара убас,  ахәаахәҭра иаша иазку азакәанпроект иазааҭгылеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы идҵала,  азакәанпроект аус аднаулоит Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра.

Иара убас,  ахеилак алахәылацәа,  Анаклиа иҵауло абаҕәаза апроект аргылара иазку азҵаарақәа ирыхәаҧшит. Ишазгәаҭаз ала,  абаҕәаза аргыларазы жәларбжьаратәи атенлдер рыларҳәахьеит. Аиҳабыра рыӡбарала,  абаҕәаза аргылара иалагоит 2023 шықәсазы.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун атәылаҿы аинфлиациа  иҵоуроу арбага. Ишазгәаҭаз ала,   2023 шықәса жәабран азы аинфлиациа  8,1 иаҟаран,  аинфлиациа шықәсыктәи арбага илаҟәит  1,3 наӡынала.