Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ажьҭаара акоординациатә штаб даҭааит. Аиҳабыра рнапхгаҩы дицын апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Ажьҭаара апроцесс шымҩаҧысуа иазкны аиҳабыра рнапхгаҩы изеиҭеиҳәеит аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвили. Ишазгәаҭаз ала, ажьҭаара апроцесс ибзианы еиҿкаауп, уадаҩрак рымамкәа аҽаҩра ҭаргалоит.
Уажәазы Кахеҭи арегионаҿ 110 нызқь тонна ажь аус адырулахьеит, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла сынтәатәи ажьҭаара асезонаҿ зегьы реиҳа ирацәаны – 14 нызқь тонна ажь аус адырулеит.
9000ҩык раҟара аӡахәааӡаҩцәа аҩыҟаҵарҭақәа ажь рзырҭиит. Аус здырулаз ажь аҟынтә 50 нызқь тонна саҧерави, 52 нызқь тонна рқаҵиҭели, егьы – еиуеиҧшым ажьхкқәа роуп.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, сынтәа, имцхәны иаанхо ажь, ахаҭабзиара инақәыршәаны, адифференциациатә ахә ала иаднакылоит аҳәынҭқарратә еилахәыра „Аҽаҩра ахылаҧшратә еилахәыра“.
Аҧыза-министр ицны Ажьҭаара акоординациатә штабаҿ иҟан анагӡаратәи, азакәанҧҵаратәи, аҭыҧантәи мчра ахаҭарнакцәа.