Аҧыза-министр Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 
Аҧыза-министр Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Али Ерлиқаиа диҧылеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи рстратегиатә партниорреи иалацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ҭырқәтәыла азинхьчаратә усбарҭақәеи қәҿиарала аус еицыруеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи  аҭышәынтәалареи аҭынчреи аиқәыршәара аус аҿы Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи инарыгӡо ароли иазааҭгылеит.

Аҧыза-министр Ҭырқәтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла ивизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, абри аҩыза зыҩаӡара ҳараку авизитқәа атәылақәа рстратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәара иацхраауеит.

Аиҧылара ихы алаирхәит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе.