Апарламент Ника Мелиа изы адепутаттә  иммунитет аанкылара иақәшаҳаҭхеит
Апарламент Ника Мелиа изы адепутаттә  иммунитет аанкылара иақәшаҳаҭхеит

Апарламент аапартиа  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Ника Мелиа изы адепутаттә  иммунитет аанкылара иақәшаҳаҭхеит.

Убри ашьҭахь,  апрокуратура, аӡбара иадҵаалар алшоит Ника Мелиа  ибаандаҩтәразы.

Апрокуратура адыррақәа рыла, Ника Мелиа жәабран 12нӡа ашас  ишәараны дыҟан. Апрокуратура хада апарламент иадҵаалт Ника Мелиа  изы адепутаттә иммунитет аанкылара аҳәара ала.

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  ишааицҳаз ала, ашас ашәара игәы иҭам.