Антон Герашенко  - Европа идуӡӡоу атомтә станциа ахьыҟоу ақалақь ампыҵахалаҩцәа рақәҧаразы аҽазыҟанаҵоит, аинралцәа, шәааҧшы, чернобольтәи аҭагылазаашьа ҿыц аҧышәымҵан
Антон Герашенко  - Европа идуӡӡоу атомтә станциа ахьыҟоу ақалақь ампыҵахалаҩцәа рақәҧаразы аҽазыҟанаҵоит, аинралцәа, шәааҧшы, чернобольтәи аҭагылазаашьа ҿыц аҧышәымҵан

Украина аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ибжьагаҩ  Антон Герашенко   Facebook  аҿы иалаирҵәаз афотоҭыхымҭаҿы иубарҭоуп  ақалақь Енергодар  аурыс арбџьармчқәа ржәыларазы аҽазыҟаҵара ишаҿу.

Енергодар ауп иахьыҟоу  Запарожтәи атомтә станциа.

«Путин ихагазаара амшала Европа зегьы аиадертә катастрофа ашәарҭара иҭагылоуп. Абарҭ афотоҭыхымҭақәа ҟаҵоуп Енергодар аҭаларҭаҿы.   Европа идуӡӡоу атомтә станциа ахьыҟоу ақалақь ампыҵахалаҩцәаа рақәҧаразы аҽазыҟанаҵоит.   Аурыс  аинралцәа, шәааҧшы, чернобольтәи аҭагылазаашьа ҿыц аҧышәымҵан. Арадиациа амилаҭқәа еилнахуам», — иҩит  Герашенко.