Анри Оханашвили иацтәи аинцидент авидеонҵамҭа аларҵәара даҳәоит, иара убас, Вато Ҵереҭели ибжьеигоит Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы даныҟаз иҭагылазаашьа зеиҧшраз аилкааразы аекспертиза дахысырц
Анри Оханашвили иацтәи аинцидент авидеонҵамҭа аларҵәара даҳәоит, иара убас, Вато Ҵереҭели ибжьеигоит Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы даныҟаз иҭагылазаашьа зеиҧшраз аилкааразы аекспертиза дахысырц

«Ақырҭуа гәахәтәы» иалахәы  Анри Оханашвили иацтәи аинцидент авидеонҵамҭа аларҵәара даҳәоит, иара убас, Вато Ҵереҭели ибжьеигоит Америка ацҳаражәҳәарҭаҿы даныҟаз иҭагылазаашьа зеиҧшраз аилкааразы аекспертиза дахысырц.

Анри Оханашвили иҳәамҭала, иацы «апровокациа цәгьа» ҟалеит.

«Ара ҳаизыҟазаашьақәа ракәӡам ҳазлацәажәо, ишубарҭоу ала, уи заанаҵы ихәыцыз,  хықәкыла имҩаҧгаз провокациоуп.  Абри аҩыза ажәа хәымгақәа рзы ареакциа змам қырҭуакгьы дыҟоуп ҳәа сыҟам.  Иара иҿы иааҭашәоз зегьы иҳәон, иажәақәа сзеиҭаҳәом.

Сара, зыҧшра ҟамҵакәа, америкатә ҳҩызцәа ари азы адырра рысҭеит. Иацтәи аинцидент авидеонҵамҭа аларҵәара саҳәоит, сара сахь дышнеиз, иҭагылазаашьа зеиҧшраз, аганашҟа снаганы исеиҳәаз, ауаа абри зегьы рбароуп, иара аҩыжәны дыҟан ҳәа сгәы иаанагоит. Аекспертиза дахысааит,  аҩыжәны Америка ацҳаражәҳәарҭашҟа дышнеиз еилкаахар, хықәкыла имҩаҧгоу абри апровокациазы аҭакҧхықәра идҵатәуп», — иҳәеит  Анри Оханашвили.