Анри Оханашвили Қырҭтәыла иҟоу Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду Аҳра ацҳаражәҳәаҩ Гарет Уорд диҧылеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы Анри Оханашвили Қырҭтәыла иҟоу Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи Иеиду Аҳра ацҳаражәҳәаҩ Гарет Уорд диҧылеит.
Анри Оханашвилии Гарет Уорди ашәарҭадара аусхкы аҿы Қырҭтәылеи Иеиду Аҳреи русеицура ҕәҕәа аҵаки наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара алшареи иалацәажәеит.
Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы амаҵзураҭыҧ ҿыц идныҳәаланы , ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.