Анна Фотыга – Михаил Саакашвили иҧеиҧшхо  ауп акыраамҭала Қырҭтәыла аҧеиҧш ҳәаақәызҵо  
Анна Фотыга – Михаил Саакашвили иҧеиҧшхо  ауп акыраамҭала Қырҭтәыла аҧеиҧш ҳәаақәызҵо  

«Ишьақәырҕәҕәам ахарадҵарақәа рыла абахҭа аҭакра, уи изакәытә демократиоузеи? Михаил Саакашвили иҧеиҧшхо  ауп акыраамҭала Қырҭтәыла аҧеиҧш ҳәаақәызҵо», — илҳәеит Европарламент алахәыла Анна Фотыга  Смоленск иҟалаз арыцҳара ашьҭахь 13 шықәса аҵра инамаданы Польша имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы, усҟан Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили  Лех Качински ихьӡ зху апремиа «Прометеи» ианашьан.

«Атәыла аҿиаразы абас ирацәаны иҟазҵаз ауаа рыхә шьатәуп. Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҿиаразы иҟаиҵаз шырацәоугьы, уажәы итәылаҿ абахҭа дҭакуп. Польшаҟны аиҩызаразы ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла анапхгара рықәыҕәҕәарала Польша ма ҽаџьара ихәышәтәра алшара ҟалап ҳәа сгәыҕуеит.

Иарослав Качински, апарламент аспикер уҳәа, аполиакцәа рацәа Михаил Саакашвили ишидгыло здыруеит. Даргьы абри ауп Қырҭтәыла анапхгара рахь аҳәарас ирымоу. Ақырыҭуа жәлар ахҧатәи рхада иҧсы ҭаны дрымазароуп», — илҳәеит  Анна Фотыга.