Ангела Меркель Владимир Зеленски Берлин даалыԥхьеит
Ангела Меркель Владимир Зеленски Берлин даалыԥхьеит

Германтәыла аканцлер Ангела Меркель Украина ахада Владимир Зеленски Берлин даалыԥхьеит.

Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аих.

Аих рдыррақәа рыла, Владимир Зеленскии Ангела Меркели ҭелла еицәажәеит, аганқәа ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәеи Донбасс иҟоу аҭагылазаашьеи рыхцәажәеит.

Ԥыҭраамҭак ашьҭахь Украина ахада Твиттер аҿы ишааицҳаз ала, ԥхынгәы 12 рзы визитла Германтәыла ддәықәлоит.