Андриус Кубилиус – Ҳара  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь еилыккаа ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ҳаҧҟарала  ахәмарра шәҭахымхар, акандидат астатус шәоуӡом
Андриус Кубилиус – Ҳара  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь еилыккаа ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ҳаҧҟарала  ахәмарра шәҭахымхар, акандидат астатус шәоуӡом

«Ҳара  Қырҭтәыла анапхгара рахь, «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь еилыккаа ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ҳаҧҟарала  ахәмарра шәҭахымхар, акандидат астатус шәоуӡом», — иҳәеит Европарламент алахәыла Андриус Кубилиус  «Мҭавари архи» аефираҿ.

Кубилиус, ишиҳәаз ала, аполитикатә партиақәа зегьы рхаҭарнакцәа Михаил Саакашвили изку Европарламент арезолиуциазы еиқәшаҳаҭхеит.

« «Ақырҭуа гәахәтәы» Саакашвили абас изныҟәара нарыгӡар, лабҿаба иубарҭахоит Қырҭтәыла анапхгара абжьагарақәа шынарымгӡо, уи Қырҭтәыла европатәи астатус азы анырра амазаауеит», — иҳәеит  Кубилиус.

Иара иажәақәа рыла,  арезолиуциа ахәбатәи апункт  Михаила Саакашвили иҭагылазаашьа иазкуп, атәыла аиҳабыра рпозициа рымҧсахыр, уи Қырҭтәыла европатәи астатус азы анырра амазаауеит.

«Қырҭтәыла аиҳабыра Европарламент арезолиуциа нарымгӡар,  Михаил Саакашвили идҳәаланы Европарламент апозициа иазҧхьагәарымҭар,  уи иахылҵуа рдыруеит ҳәа сгәыҕуеит. Убасҟан акандидат астатус роуӡом.  Қырҭтәыла аиҳабыра рахь абри ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ари азҵаара аҭыҧ иқәырҵарц ирыбжьазгоит. Европарламент еилыккаа ахатә позициа аанарҧшит. Араҟа азакәан аиҳаӡареи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчареи ауп ҳазлацәажәо. Венгриагьы абри аҩыза апроблемақәа иҟан, убри аҟынтә, Венгриа Евроеидгыла аҟынтә иаҭахыз ацхыраара амоуит. Қырҭтәылагьы убасҵәҟьоу ишыҟало. Ҳара  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь еилыккаа ацҳамҭа ҟаҳҵоит, ҳаҧҟарала ахәмарра шәҭахымхар, акандидат астатус шәоуӡом», — иҳәеит Кубелиус.