Андерс фог Расмуссен - Алианс иалоу тәылақәак Украинахь ар рдәықәҵара иақәшаҳаҭхар ҟалап
Андерс фог Расмуссен - Алианс иалоу тәылақәак Украинахь ар рдәықәҵара иақәшаҳаҭхар ҟалап

Алианс иалоу тәылақәак Украинахь ар рдәықәҵара иақәшаҳаҭхар ҟалап, – иҳәеит Нато ԥасатәи амаӡаныҟәгаҩ хада Андерс фог Расмуссен.

Андерс фог Расмуссен иажәақәа рыла, Вильниус имҩаԥысуа Нато асаммит аҿы Украина алаларазы ашьаҿақәеи ма ашәарҭадаратә гарантиақәеи рзы аӡбара рыдрымкылар, ” алианс иалоу тәылақәак рхазхаҭалатә аӡбара рыдыркылар ҟалоит”.

Алианси мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи Украина ар ашьҭра изныкымкәа иаҿагылеит, урҭ ишырҳәо ари Натои Урыстәылеи ишиашоу реиҿагылара ахылҵыр ҟалап.