Амиран Гамҟрелидзе – Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит, авирус аҿкаара афактқәа рацәахеит, уи «Омикрон» асубштаммқәа реикәшара  иадҳәалоуп
Амиран Гамҟрелидзе – Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит, авирус аҿкаара афактқәа рацәахеит, уи «Омикрон» асубштаммқәа реикәшара  иадҳәалоуп

«Иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара шәыбжьазгоит», — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рыла  акоронавирус афакт ҿыцқәа рхыҧхьаӡара ҩынтә еиҳахеит, уи «Омикрон» асубштаммқәа реикәшара иадҳәалоуп.

«Иацы  631 афактқәа аарҧшын, иахьа  756 афактқәа иҟоуп. Аҩашазы  ичмазаҩхаз ауаа рхыҧхьаӡара ҩымчыбжь раҧхьа иҟаз ачымазаҩцәа раасҭа ҩынтә еиҳауп. Ҽакала иаҳҳәозар, аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь рзы акоронавирус аҿкаара афактқәа рхыҧхьаӡара ацлара иаҿуп», — иҳәеит  Амиран Гамҟрелиӡе.

«Ачымазацәа реицәахара атенденциа иҟам.  7-8 наӡынак роуп ахәышәтәырҭашҟа ииагоу. Уажәазы ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп  350ҩык раҟара апациентцәа», — иҳәеит  Амиран Гамҟрелидзе.

Иара ауааҧсыра авакцина аҟаҵара рыбжьеигоит.