Амиран Гамҟрелиӡе - Егрытәи ацҳала ииасуа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо атәылауаа, иахьазы акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара иаҳа активла ирҭахуп
Амиран Гамҟрелиӡе - Егрытәи ацҳала ииасуа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо атәылауаа, иахьазы акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара иаҳа активла ирҭахуп

Егрытәи ацҳала ииасуа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо атәылауаа, иахьазы акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара иаҳа активла рҭахуп , – иҳәеит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аиҳабы Амиран Гамҟрелиӡе.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, онлаин арегистрациа зылымшаз ауааԥсыра рзы иаԥҵан авиртуалтә кабинет.

“Иҳаҩсыз амза иалагӡаны Егрытәи ацҳала ииасит 11000-ҩык рҟынӡа. Урҭ рыззегьы атестқәа рзыҟаҵан, акоронавирус рыдбалан 44-ҩык. Алаҵақәа аӡәык-ҩыџьак рзыҟаҵан. Ацҳала ииасуа ауааԥсыра зегьы алаҵа аҟаҵара рыдаргалоит, уаанӡа рҽааныркылон, иахьазы акоронавирус азы алаҵа аҟаҵара иаҳа активла рҭахуп. Урҭ атәылаҿ иҟоу ианбанзаала алаҵа аҟаҵара рылшоит. Онлаин арегистрациа зылымшаз ауааԥсыра рзы иаԥҵан авиртуалтә кабинет. Рухтәи аклиникахь, арефералтә ахәышәтәырҭахь ма аполиклиникахь инеины, авиртуалтә кабинет аҿы алаҵа аҟаҵара рылшоит.

Импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааԥсыра рызҵааразы активтә диалог мҩаԥаагоит, Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр  ари адиалог активла иалахәп. Ҳареи импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи рыбжьара аимадара  ӷәӷәас иҳамоу агәабзиарахьчара ахырхарҭоуп. Ари аимадара иаҳа-иаҳа иҭбаахоит,” – иҳәеит Гамҟрелиӡе.

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Егрытәи ацҳаҿ дыҟан, уа уи атестқәа  рыҟаҵара апроцес шымҩаԥысуа гәеиҭеит.