Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа ишеиқәшааҭхаз, Қырҭтәылеи Украинеи рсепаратисттә регионқәа рҿы ироуа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәеи Шенгентәи азонеи рҳәаақәа рхысра ҟалом
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа ишеиқәшааҭхаз, Қырҭтәылеи Украинеи рсепаратисттә регионқәа рҿы ироуа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәеи Шенгентәи азонеи рҳәаақәа рхысра ҟалом

Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа Қырҭтәылеи Украинеи рсепаратисттә регионқәа рҿы ироуа урыстәылатәи аныҟәаратә документқәа рызхамҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Евроеидгыла аинформациала, адипломатцәа Европарламент аҟны аиҽцәажәара амандат иазкны еиқәшаҳаҭхеит. Ари аӡбара рыдыркылеит Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго иҵаҵӷәыдоу агрессиеи, Урыстәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵареи ирҭакны.

Аӡбамҭа инақәыршәаны, Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылеи Украинеи рҵакырадгьылқәа рҿы ироуа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәеи Шенгентәи азонеи рҳәаақәа рхысра ҟалом

“Украина арегионқәа изакәаным раннексиала Урыстәыла даҽазнык аанаԥшит аҵасқәа шьаҭас измоу жәларбжьаратәи аиҿкаара пату шақәнамҵо. Украинеи Қырҭтәылеи ашьаҭатәи рзинқәа – адемократиеи, асуверенитети атерриториатә акзаареи реилагара ахаан ҳадаҳкылом. Евроеидгыла аҩтәылаки арҭ атәылақәеи рыжәларқәа ирыдгылоит”, – иануп Евроеидгыла аҳәамҭа аҿы.

Евроеидгыла аҳәамҭа инақәыршәаны, арҭ атәылақәа рсепаратисттә регионқәа рҿы ироуа урыстәылатәи аныҟәаратә документқәа азхаҵара рымам ма Евреоидгыла атәылақәа рҿы азхамҵараа процесс аҿы иҟоуп. Ари аӡбамҭа хықәкыс амоуп  азеиԥш позициа ашьақәырӷәӷәара.