Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла импыҵахалоу  аҵакырадгьылқәа ирызку арезолиуциаҿы  Мака Боҷоришвили иаҧшьалгаз  аҧсахрақәа  ирыдгылеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла импыҵахалоу  аҵакырадгьылқәа ирызку арезолиуциаҿы  Мака Боҷоришвили иаҧшьалгаз  аҧсахрақәа  ирыдгылеит

Ванкувер ақалақьаҿ  имҩаҧысуа Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла апарламент аделегациа алахәыла Мака Боҷоришвили аполитикатә зҵаарақәеи ашәарҭадареи рзы акомитет аусуратә аилатәара лхы алалырхәит.

Аилатәара алахәылацәа  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  аореалаҿ ашәарҭадара аганахьала иуадаҩу аҭагылазаашьеи уи иадҳәалоу актуалтә зҵаарақәеи ирылацәажәеит. Мака Боҷоришвили данықәгылоз, Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәеи ашәарҭарақәеи дрылацәажәеит.

Мака Боҷоришвили линициативала, арезолиуциа иалагалоуп 2 аҧсахрак, лымкаала: шәнызқьҩыла ахаҵәацәа шәарҭада, қәнагарала рыҩныҟақәа рахь рыхынҳәра азини Жәларбжьаратәи ашьауҕатә аӡбарҭа Қырҭтәыла иадҳәаланы иаднакылаз ақәҵарақәа рынагӡареи ирызку азҵаарақәа.

Иара убас, арезолиуциаҿы  иаҵшьны иазгәаҭоуп  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа  – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟынтә зыҧшра ҟамҵакәа аурыс арбџьармчқәа ралгара ахымҧадара.

Канада, Ванкувер ақалақьаҿ Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа мҩаҧысуеит рашәара  30 инаркны ҧхынгәы  4-нӡа,  Қырҭтәыла аделегациа дахагылоуп Николоз Самхараӡе.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура.