Амиран Гамҟрелидзе - «Амаамынтә ацәарҧшӡа» ,  егьырҭ ареспиратортә чымарақәа иреиҧшымкәа, усҟак аларҵәара амам, убри аҟынтә, агәамҵра ахәҭам
Амиран Гамҟрелидзе - «Амаамынтә ацәарҧшӡа» ,  егьырҭ ареспиратортә чымарақәа иреиҧшымкәа, усҟак аларҵәара амам, убри аҟынтә, агәамҵра ахәҭам

««Амаамынтә ацәарҧшӡа» ,    егьырҭ ареспиратортә чымарақәа иреиҧшымкәа, усҟак аларҵәара амам, убри аҟынтә, агәамҵра ахәҭам, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Қырҭтәыла актәи аканал аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла,  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара, амаамынтә ацәарҧшӡа иадҳәаланы,  агәабзиарахьчара аганахьала, адунеи зехьынџьара  аҭагылазаашьа ҷыда рыланаҳәеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҭагылазаашьа апандемиа акәӡам, уи аконкреттә гәыҧқәак рҿы аепидемиа ауп.

Иара иажәақәа рыла, рашәарамзазы Қырҭтәыла амаамынтә ацәарҧшӡа фактк аарҧшын,  ачымазаҩ ачымазра далҵхьеит. Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, аҵыхтәантәи 21 мшы рыҩныҵҟал атәылаҿы уаҳа фактгьы аарҧшымызт.