«Амилаҭтә ҵысра» активистцәа Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҧхьа акциа мҩаҧыргеит
«Амилаҭтә ҵысра» активистцәа Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҧхьа акциа мҩаҧыргеит

«Амилаҭтә ҵысра» активистцәа Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҧхьа акциа мҩаҧыргеит.

Амитинг алахәылацәа Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ихәшәтәразы аҳәаанырцәҟа ииагара иаҳәон.

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Леван Хабеишвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра иахьыҧшуп.

«Абри амҩа ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы ҳахысроуп. Ааи, Саакашвили иус ҳтәыла европатәи аҧеиҧш иадҳәалоуп. Ааи, ҳтәыла европатәи аҧеиҧш  Михаил Саакашвили иҧсҭазаара иахьыҧшум. Аӡәгьы игәы иаанамгааит ахада Саакашвили абахҭаҿ дыргәаҟны дыршьыр, Европаҟа ҳрыдыркылоит ҳәа», — иҳәеит  Хабеишвили.

«Амилаҭтә ҵысра алахәыла» Дырмит Шашкин ишиҳәаз ала,  Михаил Саакашвили аҳәаанырцәҟа диаргаанӡа, акциақәа рымҩаҧгара иаҟәыҵуам.