Амилаҭтә банк – Ажьырныҳәазы аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  163,5 наӡынала
Амилаҭтә банк – Ажьырныҳәазы аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  163,5 наӡынала

Амилаҭтә банк адыррала, 2023  шықәса ажьырныҳәазы  аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара азҳаит  163,5 наӡынала, зынӡа атәылашҟа ииаган 445,0 миллион адоллар, ари арбага ҵыҧхтәи ажьырныҳәатәи арбага аасҭа  163,5%-ла еиҳауп.

Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала, аҧаратә аиагарақәа реиҳара,  97,7% иҟаҵоуп 21 апартниор ҳәынҭқаррақәа рҟынтә, урҭ рыцыҧхьаӡа ажьырныҳәазы Қырҭтәылаҟа ииаргеит 1 миллион адоллар еиҳаны.

Астатистикатә дыррақәа рыла, зегьы реиҳа ирацәаны аҧара ииагоуп Урыстәылатәи афедерациантә. Уи иашьҭагылоуп Италиеи, Америкеи, Бырзентәылеи, Израили.

Иара убас, Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала,  2023 шықәса ажьырныҳәазы Қырҭтәылантә аҳәаанырцәҟа ииаган  26,3 миллион адоллар, ари ацҵалыҵгьы ҵыҧхтәи арбага аасҭа  12,7%-ла еиҳауп.