Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, аҧаратә аиагарақәа рстатистика инақәыршәаны, мшаҧы азы Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧара ииагоуп Урыстәылеи, Италиеи, Америкеи рҟынтә
Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, аҧаратә аиагарақәа рстатистика инақәыршәаны, мшаҧы азы Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧара ииагоуп Урыстәылеи, Италиеи, Америкеи рҟынтә

Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, 2022 шықәса мшаҧы азы Қырҭтәылаҟа ииагоуп  308,1 миллион адоллар, ари арбага  ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа арбаага аасҭа  58,8 наӡынала еиҳауп.

Аҧаратә аиагарақәа рстатистика инақәыршәаны, Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧара ииаган Урыстәылантә  — 132,98 миллион адоллар. Аҩбатәи аҭыҧ аҿы игылоуп Италиа –  33,40 миллион адоллар. Ахҧатәи аҭыҧ ааннакылоит Америка –  25,02  миллион адоллар, арҭ атәылақәа ирышьҭагылоуп Казахстани Бырзентәылеи.