Амиграциа адепартамени аҳәаатә полициеи аусзуҩцәа азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟаз фҩык атәымтәылауаа ааныркылеит
Амиграциа адепартамени аҳәаатә полициеи аусзуҩцәа азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟаз фҩык атәымтәылауаа ааныркылеит

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартамени аҳәаатә полициеи аусзуҩцәа, акомплекстә уснагӡатәқәа мҩаҧганы, азинтә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟаз Нигериеи, Бангладеши, Ирани, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи фҩык атәылауаа ааныркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, арҭ ауаа Қырҭәтыла иҟан изакәызаалак азакәан ашьаҭа ада. Дара ахыҵакырҭа аҭара апроцедурала иазҧхьагәаҭоу аҿҳәарақәа еилаганы, акыршықәса ирылагӡаны закәантә ашьаҭада атәылаҿы иҟан.

Зыӡбахы ҳәоу ауааҧсыра рхатәгәаҧхарала атәыла алҵра рҭахымхеит, убри аҟынтә, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциазы адепартамент арҭ ауаа раанкыларазы аӡбара аднакылеит. Анеҩс, дара ртәылақәа рахь идырхынҳәуеит.