Америкатә Сенат аҿы ареспубликанцәа Украинеи Израили рыцхраара иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭымхеи
Америкатә Сенат аҿы ареспубликанцәа Украинеи Израили рыцхраара иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭымхеи

Америкатә Сенат Украинеи Израили рыцхраара иазку азакәанпроект иақәшаҳаҭымхеит.

ВВС ишану ала,  ареспубликанцәа   110 миллиард адоллар  ацхырааратә пакет мап ацәыркит, ари аҧара аҟынтәи  61 миллиард адоллар Украина ацхраара иазкын.

Ареспубликанцәа рҳәамҭала, Украина ацхраара Америка аимиграциатә политика азҵаара иадҳәалазароуп.

Азакәанпроект  иадгылеит 51ҩык асенаторцәа,  49ҩык иақәшаҳаҭымхеит. Украинеи Израили ацхыраара рурц азыҳәан 60ҩык асенаторцәа рбыжьқәа аҭахын.